Иахьа Аҟәа имҩаԥган аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵара Аиааира Ду амш аҳаҭыраз апарад амҩаԥгаразы. Лизберт Ԥоцхороӷлы иажәақәа рыла атәылахьчара аминистр аҽазыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа аиҭеит.
"Аиааира апарад иалахәуп Аԥсны иҟоу архәҭақәа зегьы. Иҟоуп иара убас, аурыс ҳәаахьчаҩцәа ргәыԥ, Абыжьбатәи Урыстәылатәи абаза ргәыԥ. Зегьы инеилаҵаны 600-ҩык аруаа алахәхоит", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Ԥоцхороӷлы.
Иара иажәақәа рыла аруаа гәахәарыла иалахәуп апарад.
"Ҳанахәыҷыз ҳазыԥшын ари амш, ҳгәалаҟазара бзиан, хгәы шьҭнахуан. Иахьагьы еснагь намысла ҳазнеиуеит", - ҳәа азгәеиҭеит аинрал маиор.
Апарад иалагоит асааҭ 12 рзы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.