Аиааира амш: Аҟәа арратә паради "Ԥсра зқәым архәҭеи" шымҩаԥысыз

Лаҵара 9 рзы Аԥсны зехьынџьара имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира амшныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатәқәа.
Sputnik
Аԥсны имҩаԥысит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа.
Аҟәа Аиааира амш азгәаҭара хацдыркит "Иҭабуп сабду Аиааираз" захьӡыз амаланыҟәатә еиԥхныҩларала, уи алахәылацәа дәықәлеит Москва Аҩны аҟнытәи, рымҩа хан Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳабла аҟынӡа.
Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа "Агәалашәара амца" адаркит. Уаҟа имҩаԥган ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, уи далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, анаҩс имҩаԥган амитинг. Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аныҳәатә усмҩаԥгатә иацҵо имҩаԥган 600-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа злахәыз арратә парад.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган акциа "Ԥсра зқәым архәҭа". Уи иалахәыз арратә парад ашьҭахь ақалақь агәы иалсит.
1 / 14

Аҟәа иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра.

2 / 14

Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥган арратә парад.

3 / 14

Уи иалахәын 600-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа.

4 / 14

Аҳҭнықалақь аԥшаҳәа шьаҿеиқәшәала ианысит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу 7-тәи арратә база аррамаҵзурауаа.

5 / 14

Ар рымаҭәа ршәын ҳаԥхьаҟатәи Аԥсадгьыл ахьчаҩцәагь.

6 / 14

Ирацәаҩуп апарад иахәаԥшуаз рахьынтәи аҭоурых иазынхо, афотосахьақәеи авидеосахьақәеи ҭызхоз.

7 / 14

Агәырӷьаратә марш иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аррамаҵзурауаа.

8 / 14

Арратә парад идикылеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

9 / 14

Аныҟәарақәа мҩаԥыргон Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арра-аԥсыԥтә оркестор.

10 / 14

Агәырӷьаратә ныҟәара рхы аладырхәит аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәагьы.

11 / 14

Арҭ "октиабритаа" аӡәы иҵамхарц, аныҳәа ишақәнагоу еиԥш шьаҿаеиқәшәала аԥшаҳәа ианысит.

12 / 14

1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра афронтқәа рыҟны еибашьуан 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи.

13 / 14

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган акциа "Ԥсра зқәым архәҭа".

14 / 14

Аныҳәа иалахәыз ар рыматәа рышәҵаны агәалаҟазаара бзиа урҭон рашәаҳәареи рыкәашарақәеи рыла.