Арадио

Аиааира Ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Канџьариа иаб аветеран Мас изкны

Sputnik
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵит иахьа.
Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа иааӡаз Мас Ҳаџьараҭ-иԥа Канџьариа илахьынҵан ҩ-еибашьрак рылахәхара: Асоветтә-финтәии Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи. Арра днаԥхьан 1939 шықәсазы, дақәшәеит Асовет-финтәи аибашьра. Анаҩс, 1941 шықәсазы иалагаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь ддәықәҵан. Иара Ленинградтәи аблокада дақәшәеит. Мас Канџьариа аԥшыхәыҩцәа ргәыԥ деиҳабын. Ленинградтәи аобласт, ақыҭа Красное ҳәа иахьашьҭоу анемец ԥшыхәҩы дҭарханы хра злаз ақьаадқәа инапахьы иааигеит. Аибашьраҟны дицын, аидысларақәа руак аан иҭахаз, Мгәыӡырхәатәи арԥыс гәымшәа Зосим Гәбаз. 1943 шықәсазы Мас Канџьариа иоуз ахәра ӷәӷәа иахҟьаны Аԥсныҟа дхынҳәит. Ишьапы дықәгыларатә ианыҟала, Џьырхәатәи ашкол аҟны арратә ус ашколхәыҷқәа идирҵарцаз дрышьҭит.
Аибашьра Ду иалахәыз Мас Канџьариа иԥа Русҭан Канџьариа иаб иҭоурыхқәа ҳәа иидыруа еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа наԥхьан Асовет Ари Арра-мшынтә флоти рышҟа. Урҭ рахьтә 17,5 нызқь ҩык рыԥсдагьыл рхы ақәырҵеит.