Аҟәа ақалақь ахадара аҳҭнықалақь аҿы инхо 15-ҩык аветеранцәа Автандил Сурманиӡеи Беслан Ешбеи доусы рыҩнаҭақәа рахь инеины ирыдныҳәалеит.
"Абџьар кны еибашьуаз аҳҭнықалақь аҟынтә ирыҭан 20-20 нызықь мааҭ, урҭ ираҟаратәны ирыԥхьаӡо - 10-10 нызықь мааҭ. Зегь реиҳа еиҳабу аветеран 103 шықәса лхыҵуеит, уи илышьҭанеиуа 101 шықәса, дыҟоуп 100 шықәса зхыҵуагьы", - ҳәа иҳәеит Сурманиӡе.
Иара иажәақәа рыла, даара гәахәароуп аветеранцәа ирыдырныҳәалартә еиԥш алшара ахьрымоу.
"Дара еиҭарҳәоит рҭоурыхқәа, аибашьраҿы изҿыз, даара угәаҵанӡа инеиуеит урҭ ражәабжьқәа. Иузеиҭарҳәоит аиааира иахьаԥылаз. Уи уархәыцуеит, избанзар, иахьа Америкеи Европеи аҭоурых аицакра ианашьҭоу аамҭазы, уи зынӡа иҟамызшәа иалацәажәоит", - ҳәа иҳәеит Сурманиӡе.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.