Аԥсны

2500 рҟынӡа амҩатә ԥҟарақәа реилагара азгәаҭоуп Аԥсны мчыбжьык аҩнуҵҟа

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ареидтәи апрофилактикатәи уснагӡатәқәа рымҩаԥгара иацнаҵоит ареспублика амҩақәа рҿы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. 2530 амҩатә ԥҟареилагара азгәаҭоуп ииасыз амчыбжь аҩнуҵҟа Аԥсны амҩақәа рҿы ҳәа аанацҳауеит ареспублика ААР. ⠀

Аилагара ҟазҵаз рҟынтәи 163-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа арыжәтә ыжәны иахьыҟаз азы административтә ҭакԥхықәра рыдҵоуп, 88-ҩык – амашьына асаркьақәа рырлашьцаразы.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа русура азырхоуп амҩатә машәырқәа раԥырҟәҟәаара, урҭ рыхҟьа-ԥҟьақәа реиҵатәра, аоператив-профилактикатә уснагӡатәқәа рылахәра.