АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik. Ԥсырӡхеи Афон ҿыци 2023 шықәсазтәи аԥсшьараз еиҳа ибиуџьеттәу ҭыԥны иалху хырхарҭоуп ҳәа азгәанаҭоит асасааирҭақәеи ауадақәеи рҿы заанаҵ аҭыԥқәа аанызкыло амаҵзура Tvil.ru.
Актәи аҭыԥ ааннакылоит ҟрымтәи ақалақь Керчь, ара уахык аангылара иахшәаатәуп 1600 мааҭ, аҩбатәи – акурорт Кучугуры – 1632 мааҭ.
2023 шықәсазтәи аԥсшьараз еиҳа ибиуџьеттәу ахырхарҭақәа жәаба:
Ақалақь | Уахыктәи абжьаратә хәыԥса (мааҭ) | Аԥсшьара абжьаратә аамҭа |
Керчь, Ҟрым | 1600 | хаха (3) |
Кучугуры, Краснодартәи атәылаҿацә | 1632 | жә-ҵхык (9) |
Ԥсырӡха, Гәдоуҭа араион | 1770 | жәаха (10) |
Ессентуки, Ставропольтәи атәылаҿацә | 1789 | зеижә ҵхы (19) |
Џьубга, Краснодартәи атәылаҿацә | 1792 | жәаҩа ҵхы (12) |
Пиатигорск, Ставропольтәи атәылаҿацә | 1844 | жәеиза ҵхы (11) |
Железноводск, Ставропольтәи атәылаҿацә | 2043 | жәаҩа ҵхы (12) |
Кисловодск, Ставропольтәи атәылаҿацә | 2133 | жәаха (10) |
Тҟәаԥс, Краснодартәи атәылаҿацә | 2496 | жә-ҵхык (9) |
Афон ҿыц, Гәдоуҭа араион | 2639 | жә-ҵхык (9) |