Аԥсны

Али Ашәба: сгәы раҳаҭуп - сыԥсадгьыл аҿы сыҟоуп

Sputnik
Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" дсасны даҭан забдуцәа рыԥсадгьыл ахь Ҭырқәтәылантәи ихынҳәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Али Ашәба.
Иара еиҭеиҳәеит ашкол дышҭаз Аԥсныҟа иаара шыҟалаз атәы, Ҭырқәтәыла маӡала аԥсуаа анбан шырҵоз, Владислав Арӡынбеи иареи реибадырра шыҟалаз, иара убасгьы далацәажәеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы иҟаҵатәу.