Арадио

Аргәын еиҭеиҳәеит ашкол аушьҭымҭацәа ирзырхоу "Кьараз" акциа "Алакә хәылԥазы" шымҩаԥысуа

Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит реиҿкаара хылаԥшра знаҭо аҭаацәарақәа рҟынтә ашкол аушьҭымҭацәа рзы есышықәсатәи акциа шхацырку.
Sputnik
"Алакә хәылԥазы" ҳәа хьӡыс иамоуп афонд "Кьараз" еиҿнакаауа ауснагӡатә, уи ашкол аушьҭымҭацәа ирзырхоуп. Еиуеиԥшым адәқьанқәа, хаҭалатәи ахаҿқәа аушьҭымҭацәа реилаҳәараҟны ирыцхраар рылшоит, маҭәала еиқәдыршәоит, аҭыԥҳацәа ахәылԥаз аҟны иршәырҵо аҵкқәа ҳамҭас ирырҭоит, арԥарцәа - акостиумқәа. Убасгьы ахаҿырԥшӡаратә салонқәагьы ари акциа рхы аладырхәырц ааԥхьара рзыҟарҵоит афонд "Кьараз" ахаҭарнакцәа. Ашәҵатәы, ашьаҵатәы ашкол аушьҭымҭацәа рзы ирыдыркылоит Аҟәа, Воронов имҩаду, 64, афонд "Кьараз" ахьыҟоу аҭыԥ аҟны.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.