Урыстәыла

Лавров: ЕАА Исламтәи аҳәынҭқарра* алархәны "Зых иақәиҭу Шьамтәыла ар" реизакра иалагеит

Урыстәыла, Иран, Шьамтәыла, Ҭырқәтәыла рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа Сергеи Лавров, Хосеин Амир Абдоллахиан, Феисал Микдад, Мевлиут Чавушоглу Москва аиԥылара рымоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Америкаа ИГИЛи егьырҭ атеррористтә еиҿкаарақәеи реибашьцәа алархәны "Зых иақәиҭу Шьамтәыла ар" реизакра иалагеит иҳәеит Сергеи Лавров Иран, Шьамтәыла, Ҭырқәтәыла рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа рԥылараан.

"Иҳамоу адыррақәа рыла, америкаа Шьамтәылатәи Ракка аҵакыраҿы ИГИЛи* егьырҭ атеррористтә еиҿкаарақәеи аҭыԥантәи арабтә еимышьҭрақәеи реибашьцәа алархәны "Зых иақәиҭу Шьамтәыла ар" реизакра иалагеит. Рхықәкы еилкаауп - уи арҭ ауаа Шьамтәылатәи арабжтә республика Арбџьармчқәа ирҿаргыланы атәылаҿ аҭагылазаашьа ашьақәҟьароуп", - иҳәеит Лавров.

Лавров, Абдоллахиан, Микдад, Чавушоглу реиԥылара мҩаԥысуеит Дамаски Анкареи реизыҟазаашьа аҭышәныртәалараз аҽазышәарақәа ҟаҵо. Атәылақәа зегьы "асҭанатәи" апроцесс иалахәылацәоуп.
*Урыстәыла мап зыцәку террористтә еиҿкаароуп.