Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла 240-ҩык аибашьцәа ацәыӡит

Аоперациа ҷыда иалагазар иҭахахьеит: 420 украинатә ҳаирплан, 230 вертолиот, 4062 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 421 зениттә ракетатә комплекс, 9067 танки еиуеиԥшым аибашьыга техникеи.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Украина донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла 240-ҩык аибашьцәа, 8 акк атехника, аракета-артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭа ацәыӡит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, донецктәи ахырхарҭаҿы агәыԥ "Южный" авиациеи артиллериеи ааха рырҭеит УАМ амеханизациа зызуу 67-тәи, адесант-жәыларатә 80-тәи, ажәыларатә 5-тәи абригадақәа ДЖәР аиланхарҭақәа Красное, Ступочек рҿи Артиомовск мраҭашәаратәи акалҭ аҿи.
Уи адагьы, аиланхарҭа Белокузьминовкаҿы еилаԥыххаауп УАМ 55-тәи артиллериатә бригада аракета-артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭа.

"Украина донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла 240-ҩык аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ԥшьба, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика" ацәыӡит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аоперациа ҷыда иалагазар иҭахахьеит: 420 украинатә ҳаирплан, 230 вертолиот, 4062 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 421 зениттә ракетатә комплекс, 9067 танки еиуеиԥшым аибашьыга техникеи, аицҭырҟьаратә системақәа рмашьынақәа – 1098, 4780 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 10103.