Аԥсны

190 декларациа инареиҳаны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахь инаргахьеит ашықәс иалагазар

"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. 2023 шықәса ажьырныҳәаахыс 197 декларациа Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахь инарышьҭхьеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны ААР Акоррупциаҿагыларатә усбарҭа аинспектор Камилла Ҳараниаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, сынтәа адокументқәа активла инарышьҭуеит, имаҷҩым заанаҵгьы аинформациа Аусбарҭахь иаазышьҭхьоу.
"Уажәы заанаҵы аинформациаҟаҵара апрактика активла аус ауеит. Уаанӡатәи ашықәсқәа раан адокументқәа ашықәс анҵәамҭаз азы акәзар ианаҳзаарышьҭуаз, уажәы ашықәс ҳашҭалаз инаркны иаҳзаарышьҭуа иалагеит. 197-ҩык адекларантцәа рышәҟәқәа ҳзаарышьҭхьеит. Зынӡа 25 еиҿкаара рҟынтәи", - лҳәеит Ҳараниаԥҳа.
Ииасыз ашықәс азы асиа ианын аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аиҿкаарақәеи, амуниципал-унитартә наплакқәеи 567. Аминистррахь инашьҭу декларациак ацәгьоумҭа ҟазшьа адбалазар, аматериалқәа хымш рыҩнуҵҟа Апрокуратура хадахьы инарышьҭуеит анаҩстәи аҭҵааразы ҳәа азгәалҭоит аинспектор.
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.
Ииасыз ашықәс аан адекларациақәа рыдкылара хыркәшан нанҳәа 1, 2022 шықәсазы.