Аԥсны

Аҟәа иазгәарҭеит азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа шәышықәса рхыҵра

Асовет Социалисттә республика аӡбарҭеиҿкаараз Аԥҟара шьақәырӷәӷәан 1923 шықәса лаҵара 13 рзы Анагӡаратә еилакы Хада ақәҵарала. Ари арыцхә Аԥсны азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа раԥҵара иамшны иԥхьаӡоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны иазгәарҭеит азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа шәышықәса рхыҵра. Агәырӷьаратә еилатәара мҩаԥган Аҟәа аԥшьаша, лаҵара 11 рзы.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа лықәгылараан еиҭалҳәеит Аԥсны азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҭоурых.

“Аԥснытәи Асовет Социалисттә Республика Анагӡаратә еилакы хада 1923 шықәса рзы иаӡбеит Аԥснытәи ССР аӡбареиҿкаара иалагарц, иагьаднакылеит аӡбарҭатә усбарҭақәа ҩ-шьаҿакны реиҿкааразы аӡбара. 1923 шықәса рашәарамза 1 азы иаԥҵан Аԥснытәи ССР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа. Наҟ-наҟ ареспублика аӡбарҭатә система аҽеиҿнакаауан ирыдыркылоз Аконституциақәа инарықәыршәаны", - ҳәа азгәалҭеит Быҭәԥҳа.

Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра – аҳәынҭқарра азы адагьы, дарбанзаалак атәылауаҩ изы акрызҵазкуа ахҭыс шакәу.
“Аԥсны Аҳәынҭқарра азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа анаԥҵахаз амш инаркны рус нарыгӡоит ҩаӡара ҳаракыла, ишақәнагоу, алҵшәа рыманы, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа ирықәныҟәоит, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчоит, азакәан зегьы ишреиҳау ҳасаб азуны. Иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарра ашьаҿақәа еихнаго аӡбарҭақәа русура иахьыԥшуп, уи хаз игоу, ихьыԥшым амчра амахәҭа злакәу ала", - ҳәа инаҵишьит Ашәба.
Торжественное заседание посвященное 100-летию судов
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Урыстәыла Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Виачеслав Лебедев иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьеит иара ихаҭыԥуаҩ Сергеи Рудаков.
Иара убас адныҳәаларатә ажәахәқәа ҟарҵеит Урыстәыла аӡбаҩцәа рхеилак ахантәаҩы Виктор Момотови Аахыҵ Уаԥстәыла Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Витали Џьиоеви.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра рыдиныҳәалеит