Арадио

Ҳагба иҷыдоу аоперациа ацашьазы: аибашьра алҵра цәгьахеит

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу аоперациа ацашьа ахҳәаа аиҭеит.
Sputnik
Аибашьра еиҭа аҽарҭбаалоит, уи алҵра цәгьахеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Еизааибаганы, апроцесс аиҿцәажәарахь ииасып ҳәа аҭагылазаашьа зынӡагьы иаԥҵаӡам. Ирацәаны аҳәынҭқаррақәа иахьа Урыстәыла иаҿагылеит, Ихьшәашәоу аибашьра аамҭазы иҟаз аҭагылазаашьа шьақәгылеит иахьа. Уи иаармарианы алҵра уадаҩуп", - иҳәеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.