Аԥсны

Аслан Бжьаниа азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра рыдиныҳәалеит

Асовет Социалисттә республика аӡбарҭеиҿкаараз Аԥҟара шьақәырӷәӷәан 1923 шықәса лаҵара 13 рзы Анагӡаратә еилакы Хада ақәҵарала.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра аиубилеи инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы лзынаишьҭит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит аӡбарҭатә мчра Аԥсны аҳәынҭқарра аргылараҿ инанагӡо ароль шшьардоу.
"Аԥсны азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа анышьаҭаркха инаркны хра злоу аусура мҩаԥыргоит ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа рыхьчаразы, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчаразы, уи азы азакәан аԥыжәара аҭо", - ҳәа аҳәоит ашәҟәы.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аӡбарҭақәа аҭакԥхықәра ишаҵагылоу уи азы аӡбарҭатә еилазаара апрофессионалцәа рыла ишхарҭәаалатәу.
Атәыла ахада аӡбарҭақәа русзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ахықәкы анагӡаразы алшарақәа, азакәан амаҵ аураҿы азанааҭтә қәҿиарақәа.