Арадио

Шларба аскарлатиназы: адуцәа рахь уиаҟара аҽаҟьом, аха аӡәык-ҩыџьак алаҳкаауеит

Sputnik
Ааигәа зхы ҩаԥхьа ицәырызгаз аинфекциатә чмазара скарлатина здырбало ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа сынтәа еиҳауп. Убарҭ рҟынтәи еиҳараҩык Аҟәеи Гәдоуҭеи ауп иахьрыдбалоу. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, ирыдыркыло рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо уҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым Гәдиса Шларба.
Иахьазы аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы аскарлатина иманы дышьҭоуп хәыҷык, аха иаҳхысыз амзазы ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳан иҳәеит ицәажәараҿы Шларба. Иара иажәақәа рыла, иҟоуп ахәшәтәырҭаҿы аангылара мап ацәызкуагьы, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны.
"Скарлатина ааԥын иаҳа иҿиоит. Еиҳарак ахәыҷқәа роуп изыхьуа. 10 шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Адуцәа рахь уиаҟара аҽаҟьом, аха аӡәык-ҩыџьак алаҳкаауеит. Урҭ иаҳа иуадаҩны ирхыргоит. Аханатә ачымазара ахы унардыруеит амцашоурала, уи ҳаракуп, 39-40 рҟынӡа инаӡар алшоит. Анаҩс ухәда ухьуеит, иҟаԥшьхоит, ахәыҷқәа рҿы иҷыдоу ахыҩла хылоит", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Шларба.
Аҳақьым иажәақәа рыла, ачымазара ҩынтә иухьыр алшоит, аха еиқәырццакны иҟалом, аамҭа ахылароуп. Шларба иара убасгьы еиҭеиҳәеит ачымазара шәарҭарас иацу атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.