АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Латинтәи Американтә ицоз анаркотикқәа рпартиа аанкылан Смоленсктәи аобласт аҿы урыстәыла-белоруссиатәи аҳәааҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"УА АШәМ иаԥнарҟәҟәааит Урыстәылаҟа латиноамерикатәи акокаин алагалара. Ареспублика Польша ахь инарышьҭраны иҟаз анаркотикқәа рпартиа аанкылан Смоленсктәи аобласт, урыстәыла-белоруссиатәи аҳәааҿы", - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.
Анаркотикқәа мҩаныргон ҩ-фурак, ҭырқәтәылатәи аномерқәа рыманы. Руак аҩнуҵҟа иҟаз аҵәахҭыԥ аҟынтә иҭыргеит 116 еилаҳәара акокаин, аҩбатәи аҟынтә - 373 еилаҳәара. Азеиԥш капан 492 кьыла иҟан.
Аконтрабандатә канал аиҿкааҩ дҳәаанырцәтәылауаҩуп, даанкылоуп. Иара иганахьала ашьаус хацыркуп.