Атариф ԥсахуп, аха уи асоциалтә тарифны ишыҟац иаанхоит, ахәԥса иаҳа имаҷуп егьырҭ зхатә тракторқәа зманы ицәаӷәо раасҭа, ҳәа азгәеиҭеит Асланӡиа арадиоефир аҿы.
"Быжь-раионк рҿы иҟоуп 120 трактор, аха урҭ рахьынтә иахьазы аус зуаны иҟоу 87 роуп. Дара зегьы аусурақәа ирҿуп. Иахьа уажәраанӡа араионқәа рҿы ицәаӷәоуп 250 гектар еиҳаны. Ҵыԥх гектарк адгьыл ацәаӷәара 3 900 мааҭ иаԥсазҭгьы, урҭ рахьынтә анхацәа 3 000 ракәын иршәоз, егьы ақыҭанхамҩа аминистрра иханарҭәаауан, сынтәа ишьақәыргылоуп 4 863 мааҭ. Абылтәа мацара акәӡам аус злоу араҟа, амаҭәахәқәагьы рыхә иацлеит. Иаҳҳәап, ацәеихақәа акы 2500-3500 мааҭ рҟынӡа итәоит, ахаҳәрақәа ахьыҟоу адгьылқәа рҿы дара ласссы-лассы иԥҽуеит, акәырқәа 60-100 нызықь мааҭ иаԥсоуп, абри зегьы ианырит, сынтәа ацәаӷәара ахә", - иҳәеит Асланӡиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.