Урыстәыла

Аԥсны лаҵарамзазтәи аныҳәақәа раан иалкаау ахырхарҭақәа ԥшьба ирхыԥхьаӡалоуп

Аиҳа аԥыжәара зырҭаз ахԥа рахь иаҵанакит Белоруссиа (27% изазҵааз рҟынтә), Ҭырқәтәыла (17%), Ҟазахсҭан (13%).
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Аԥсны ахԥатәи аҭыԥ аҟынтәи аԥшьбатәи аҭыԥ ахь илбааит лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан ахырхарҭақәа хәба рыбжьара, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости заанаҵтәи аҭыԥҿаҵарақәа рмаҵзура МТС Travel адыррақәа рыла.
"Ииасыз ашықәс азы аҳәаанырцәтәылақәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аман Ҟазахсҭан (17%), ахԥатәи – Аԥсны (10%). Сынтәа Аԥсны ареитинг аҟны позициак илаҟәит, Арабтәи Аемиратқәеи иареи иалыркааз ахырхарҭақәа хәба ирыҵанакит (6%"), - рҳәеит аилахәыраҿы.
Аҳәаанырцә иныҟәо рхыԥхьаӡара 20%. Иацлеит, убри аан ахара иныҟәо рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҳахеит, атәыла ааигәақәа алзхуа (Аԥсны, Қырҭтәыла, ИАР) рхыԥхьаӡара 7% еиҵахеит.