Урыстәыла

Урыстәылатәи арегион ҿыцқәа рҿы 250 инареиҳаны школ еиҭашьақәыргылоуп

Урыстәыла аргылара аминистрра аибашьраан еилаԥыххааз ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәа, Херсонтәии Запорожиатәии аобластқәа рҿы еиҭашьақәдыргылахьеит 280 школ. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла аргылара аминистрра.
ДЖәР аҿы ишьақәыргылоуп 160 школ, ЛЖәР – 106, Херсонтәии Запорожиатәии аобластқәа рҿы – 14. Уажәы ДЖәР аиланхарҭа Каменск аҿы аусурақәа цоит. Иара иалахәуп 90-ҩык аҟазауаа.
Ашкол аиԥш иара иаԥну аҵакырақәагьы дырԥшӡоит. Ахыбрақәа ахәыҷқәа цәыббра 1 азы ирыдыркылоит.
ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа Урыстәыла ралаларазы ареферендумқәа мҩаԥысуан цәыббра 23-27 рзы. 100% абуллетенқәа аус анрыдырула ашьҭахь иаарԥшхеит ДЖәР аҿы Урыстәыла алалара ишадгыло 99,23% зыбжьы азҭаз, ЛЖәР – 98,42%, Херсонтәи аобласт – 87,05%, Запорожиетәи аобласт - 93,11%.