Афон ҿыц иаԥҵоуп Гиви Смыр ихьӡ зху аҳаԥҭҵааҩцәа ҿарацәа рыклуб. Уи еиднакылоит фҩык арԥарацәа, напхгара риҭоит Алхас Смыр. Иара иажәақәа рыла, аҳаԥҭҵаара ихаҭа инапы алакуижьҭеи шықәсқәак ҵуеит, далахәуп Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҳаԥҭҵааҩцәа рыклуб.
"Уаантәигьы аԥышәа аазгоит. Есышықәса хынтә-ԥшьынтә аекспедициақәа ҳауеит, арахь иаалоит, аҳаԥқәа ҭаҳҵаауеит. Сара исдырҵаз, издыруа ауп ахәыҷқәагьы идсырбо. Аԥхьа игылоуп алеишәа. Агәыԥ аҟны аизыӡырҩра ыҟоуп, исҳәо ҟарҵоит. Ашәарҭара аганахьала акәзар, амашьынамҩаҟны еиԥш аԥҟарақәа урықәныҟәар, акгьы ҟалаӡом. Иахьшәарҭацәҟоу ахәыҷқәа ҭазгалаӡом", - иҳәеит Смыр.
Смыр иазгәеиҭеит адунеи аспелеологцәа аӡәырҩы Аԥсны ишазҿлымҳау, избанзар зегь раасҭа иҵаулоу аҳаԥқәа ҳтәылаҟны иҟоуп. Аклуб хықәкыс иамоуп азыҟаҵара бзиа змоу аҭыԥантәи аҳаԥҭҵааҩцәа реиҵааӡара.
Шықәсык аҟара ҵуеит аклуб еиҿкаауижьҭеи. Аҳаԥҭҵаара-абзиабаҩцәа рыклуб ацхыраара арҭоит Афонҿыцтәи аҳаԥы раԥхьаӡа иаазыртыз Гиви Смыр иҭаацәа.
Аклуб анапхгаҩы Алхас Смыр еиҭеиҳәеит аҳаԥҭҵаара аганахьала арԥарцәеи иареи изҭаахьоу аҭыԥқәа, аԥхьаҟа гәҭакыс имоу ртәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.