Ианаамҭоу ишьақәгылаз аԥхарра аҽаҩра бзиа унамҭар ҟалом, аха сынтәа ааԥын хьшәашәоуп, уи ҳәарада анхаҩцәа ирныԥшит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Тыҩба.
"Хәажәкыра инаркны лаҵарамзанӡа ишәҭуеит 35 ҵиаа. Дара зегьы еиԥшӡам, фҩылагьы гьамалагьы. Ааԥынтәи ацха пату ду ақәуп. Уи иаҳа имчуп. Ихәшәуп ҳәа иазыԥхьаӡан, иахьагьы ус иҟоуп", - ҳәа иҳәеит Тыҩба.
Ашьхааӡаҩ иҳәеит избан, ашьхымза иахьа уажәраанӡа аԥсуаа рҿы нап адкылан изрымоу урҭ рааӡара иацу ауадаҩрақәа ирмыхәаԥшкәа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.