Урыстәыла

Ердоган алхрақәа рҟны 50% инеиҵаны абыжьқәа иоуит

Ҭырқәтәыла имҩаԥысыз алхрақәа рхыркәшаратә лкаа рылаҳәахоит аофициалтә газеҭ ала лаҵара 19 рзы .
Sputnik
Аҟәа, лаҵара 15 - Sputnik. Ҭырқәтәыла иахьатәи ахада Реџьеп Таип Ердоган 49,34% абжьы иоуит ҳәа иԥхьаӡоуп 99,9% биуллетень ангәарҭа ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит ателеканал TRT Haber.

Ицықәгылаз Кемаль Кылычдароглу 45% абжьы иҭоуп.

Акандидатцәа рҩыџьагьы иазхо 50% абжьы рмоуӡеит, аҩбатәи атур лаҵара 28 рзы имҩаԥгахоит.
Ҭырқәтәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысит лаҵара 14 рзы. Акандидатцәас иқәгылан: 69-шықәса зхыҵуа Ердоган —Ареспубликатә алианс аҟынтәи иаку акандидат, 74-шықәса зхыҵуа Кылычдароглу — аоппозициатә Жәлар ралианс аҟынтә, 55-шықәса зхыҵуа Синан Оган — алианс Ata аҟынтә. Апартиа Memleket аԥхьагыла Мухаррем Инџье алхрақәа хымш шрыгыз икандидатура ықәигеит.