Арадио

Ҟәыруа еиҭеиҳәеит афымцадәыӷба "Ласточка" Аԥсны абжьаҵаразы иахьазы алшарақәа зеиԥшроу

Sputnik
Афымцадәыӷба "Ласточка" Шәачеи Гагреи рыбжьара аныҟәара аԥхьагәаҭара мҩаԥган лаҵара 12 рзы. Уи Аԥсныҟа аара алыршахеит "Аԥсныеихамҩеи" "Урыстәылатәи аихамҩақәеи" ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.
"Аԥсныеихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа ицәажәараҟны иазгәеиҭиет "Ласточка" иаарласны аныҟәара иалагоит ҳәа шизымҳәо, уи азы макьана аицәажәарақәа шцо.
"Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥышәаратә ныҟәара шымҩаԥысыз, аԥснытәи аихамҩақәа ус еиԥш афымцадәыӷба адкылара иахьынӡазхиоу, иааиуа амзақәа рзы уи абжьаҵаразы алшарақәа зеиԥшроу, убасгьы аԥхынразы ҳтәылахь иаауа иарбан дәыӷбақәоу, урҭ рхыԥхьаӡара аизырҳаразы иҟоума агәҭакқәа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.