Ҳазҭоу ашықәс азы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, урҭ рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, дара рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, рхәыцрақәа ртәы.
Шьықәыр Аргәын иабдуцәа Ҵабал иҭыҵыз роуп. Ҭырқәтәыла дахьынхоз аҭыԥ Гәыма ҳәа иашьҭан. Уа, шамахамзар, атәымуаа нхаӡомызт. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны Гәыма ақыҭеи Ҭырқәтәылатәи Гәымеи даара еиԥшуп.
"Ҳабдуцәа уа иахьнеиуаз Аԥсны иеиԥшны аҭыԥқәа алырхуан. Дара еснагь аԥсабара иазааигәан. Аԥсуаа уа иахьынхоз абнеи ашьхеи ахьыҟам ҭыԥ ыҟаӡам. Иара убри ҳшьақәныргылеит, ҳаиқәнархеит. Ҳара ҳрышьҭӡомызт ахара, ақалақь ду ҳаламӡырцаз. Ҳақәӡаауеит ҳәа ҳарҳәон. Абызшәа-абызшәа шырҳәоз иԥсит ҳаиҳабацәа. Адунеи аҿы аԥсшәа ада кыр ыҟоуп ҳәа ҳаздырӡомызт. Ҭырқәтәыла ҳанхон, аха аҭырқәшәа ҳаздырӡомызт", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.
Шьықәыр еиҭеиҳәеит Аԥсныҟа иаара шыҟалаз, избан уи игәы иҭакны изимаз, арахь данааи анхара шеиҿикаауаз.
"Аҩны ԥсышәамзар акгьы ҳҳәаӡом. Ԥсышәала сымцәажәозар, арахь саара ҵакыс иамоузеи?! Удгьыл аҿы убызшәа анузымдыр, уи рыцҳароуп. Схы здыруеижьҭеи "аԥсуара шәмырӡын" сгәы иҭан", – иҳәеит Аргәын.
Адырраҭара ахыркәшамҭаз Шьықәыр иҟаиҵеит ааԥхьара, ибжьы заҳауа аԥсуаа зегьы рыԥсадгьыл ахь ргәы кыдзарц.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.