Аԥсны

Бжьаниа аԥсуа дипломатцәа ирхиҵеит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩцәа рыхьӡқәа

Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит Аԥсны ахада Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра инадҳәаланы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩцәа ҳәа ахьӡқәа ҩыџьа аԥсуа дипломатцәа рыхҵаразы аусԥҟа.
Ахьӡҩаӡара рыхҵоуп:
адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, I акласс иатәу аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Одиссеи Бигәаа,
адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, I акласс иатәу аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Иракли Ҭыжәба.
Лаҵарамза 17 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ҵуеит.