Урыстәыла

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ҽнак ала аракетақәа Storm Shadow быжьба ԥыржәеит

Арратә операциа иалагазар, УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: аҳаирпланқәа 427, авертолиотқәа 233, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 4178, азенит-ракетатә комплексқәа 422.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа аракетақәа Storm Shadow быжьба, HIMARS ахгәыцәқәа быжьба, украинатәи дронқәа 22 ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа амҵәыжәҩа змоу аракетақәа Storm Shadow быжьба, арадиолакациаҿагыларатә ракетақәа HARM хԥа, HIMARS ахгәыцәқәа быжьба, иара убасгьы ДЖәР аиланхарҭақәа Ивановкеи Евгеновкеи рҿи ЛЖәР аиланхарҭа Тополиовка аҿи, Запорожиатәи аобласт аиланхарҭақәа Инженерное, Благовешьенка, Херсонтәи аобласт Крынки рҿы 22 украинатә дрон ааныркылеит", - ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Арратә операциа иалагазар, УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: аҳаирпланқәа 427, авертолиотқәа 233, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 4178, азенит-ракетатә комплексқәа 422, 9176 танки акәылӡымашьынеи, ареактивтә системақәа 1100, артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи 4828, 10233 ак автомобилтә техника.