Аԥсны

Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны ахадеи Аԥсны ААР ахадеи агәраргагатә шәҟәқәа риҭеит

Венесуела Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи азханаҵеит 2009 шықәса цәыббра 10 рзы, Урыстәылеи Никарагуеи рышьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Венесуела ахьӡала Урыстәылеи Аԥсни рыцҳаражәҳәаҩ ҿыцс иаҭоу Хесус Рафаель Саласар Веласкес Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи агәраргагатә шәҟәқәа риҭеит.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан лаҵара 16 рзы, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 30 шықәса аҵра аламҭалаз.
Цәыббра 20, 2022 шықәса рзы Хесус Рафаель Саласар Веласкес агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.