Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи 106 шықәса ахыҵит. Ари аамҭа иалагӡаны уи аҩнуҵҟа еизган Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынхазы мацара акәымкәа, адунеи зегь аҿы аҵак ду змоу иҷыдоу, ижәытәӡатәиу аекспонатқәа 100 нызқь инареиҳаны аекспонатқәа. Урҭ рахьтә 95% афондҵәахырҭақәа рҿы ишьҭоуп. Амузеи знысыз амҩа ауадаҩрақәа акыр азцәырҵуазаргьы, иахьа уи қәҿиарала аус ауеит, иаартуп Аԥсуа ҭоурыхи аетнографиеи ирызҿлымҳау зегьы рзы.