АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апиротехникцәа аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа амҩа иахчынгылаз ацаҟьа ахәҭак ԥыржәеит.
"Зыбжак амыҩрхьаз ацаҟьа ахәҭак амҩаҿ ианысуа амашьынақәа ашәарҭара иҭанаргылон. Иаанхаз ахәҭа ҳаԥхьаҟа зны икаҳар, автомашьынатә мҩазы ишәарҭан", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ацаҟьа анԥыржәа ашьҭахь амҩа дрыцқьеит.
Обвал на дороге
© Foto / ЦППС МЧС Гагра