Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адипмаҵзура аветеранцәа 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Лаҵара 17, 1993 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит Владислав Арӡынба.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адипломатиатә маҵзура аветеранцәа аусбарҭа 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аԥсуа дипломатиа аиҿкаареи аҿиареи мҩаԥысуан имариамыз аҭагылазаашьақәа рзы, усҟан адипломатиатә маҵзура аветеранцәа хацәнымырха аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчон иҳәеит аминистр.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟоу аԥышәа ҵаҵӷәыс иганы иахьагьы аҳәынҭқарра аинтересқәа ахьчоит ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба аминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа дрылацәажәо:
аусбарҭа аусура аиӷьтәра, аматериал-техникатә еиқәыршәара, аӡбарақәа рыдкылара асистема,
жәларбжьаратәи аинформациатә политика арцыхцыхра,
Амедиацентр аусура ахацыркра,
жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, рырҭбаара – Мрагылара Ааигәа, Африкеи Латинтәи Америкеи ртәылақәагьы налаҵаны,
иҩызам атәылақәа атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа анырра арҭартә алмыршара,
аҿар жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы адгылара рыҭара.
Аиҭакра аамҭақәа раан Аԥсны Урыстәыла иавагыланы ииашоу аҭоурых иадгылоит иҳәеит аминистр.
"Иахьа иаҳбарҭоуп иҿыцу адунеитә еиҿкаашьа ашьақәгылара ишаҿу. Ари аҭагылазаашьаҿы адунеитә зхаҵара ҳаурц азы аҽазышәарақәа ҟаҳҵоит, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы иахәҭоу аҭыԥ аанаҳкыларц", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Иара иҳәеит аусбарҭа ԥхьаҟагьы аусура Аԥсны амилаҭтә интересқәа рыхьчара, аҭакԥхықәра, апрогресс шьаҭас ишаиуа.