Аԥсны

Росстандарт Аҳәынҭстандарт ианаҭоит ашәагатә маругақәа аамҭала ахархәаразы

Жәларбжьаратәи аметрологиатә форум "Иҳәаадоу аметрологиа - 2023" аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭстандарти Урыстәыла Росстандарти рхадацәа реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Ашәагатә маругақәа аамҭала ахархәаразы Урыстәыла Росстандарт Аԥсны Аҳәынҭстандарт ианаҭоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Абри азы Москва еилацәажәеит аусбарҭақәа рхадацәа Нарсоу Сангәлиеи Антон Шалаеви.
"Росстандарт азыхиоуп аԥснытәи рколлегацәа ирылшо ала рыцхыраара", - ҳәа иҳәеит Шалаев.
Аиԥылараҿы иалацәажәан аусеицураз лшарақәас иҟоу ртәы.
Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахантәаҩы урыстәылатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵо адгыларазы, иазгәеиҭеит уи аҵакы шдуу.