Арадио

Кәакәасқьыр: атуристтә ҭыԥ ҿыцқәа раартра ибзиоу усуп, аха иҳамоугьы еиҿкааны иҟаҵатәуп

Амилаҭтә туристтә еилахәыра аиҳабы Руслан Кәакәасқьыр арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит, иааиуа аԥхын аамҭазы аԥсшьаҩцәа рыдкылара рышҽазыҟарҵои, рус аҿы иаларгало аҿыцрақәеи, атуристцәа ршәарҭадара азҵаара гәцаракны иахьынӡарымоуи ртәы.
Sputnik
Руслан Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, аԥсшьаҩцәа раара иазыхиоуп. Аиҭаҳәаҩцәа, амашьынарныҟәцаҩцәа, дара амашьынақәа рхаҭақәагьы рыла ҳамчқәа еизырҳаны ҳаԥшуп, ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Ҳазҭоу амзазы раашьа макьана ишаҳҭаху иҟам. Амшқәагьы иаҳнаҭом, аха ҳазыҟаҵоуп. Ихадоу- иҳамоу аҭыԥқәа еиҿкааны рыҟаҵара ауп. Аԥсшьаҩцәа раара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ибзиоуп, ҳаргьы уи дырны иааиуа аԥхын аамҭа ҳҽазыҟаҳҵеит. Ҳзыдҳәало асасааирҭақәа ҭәуп, урҭ ргәалаҟазаара бзиоуп, егьырҭ ашықәсқәа реиԥш сынтәагьы иҭырҭәааны иҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит Кәакәасқьыр.
Кәакәасқьыр иҳәеит аҿыцрақәа шалыргало аԥсшьаҩцәа рныҟәарақәа рахь.
"Амаршрут ҿыцқәа иҟоу дареи ҳареи аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵеит. Ҳаигәырӷьоит Очамчыра араионгьы атуристцәа рыдкыларазы аҿыцрақәа ахьаԥшьарго. Уажәы Ӷәада асасцәа ахьрыдыркыло аҭыԥ азыҟаҵара иаҿуп ҳәа адырра ҳамоуп, уахьгьы сцаны избар сҭахуп", - иҳәеит Кәакәасқьыр.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.