Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Торчуаԥҳа аԥсшәа дырҵаразы Инегиоль еиҿкаау акурсқәа ирызкны

Инегиоль аԥсуа бызшәазы акурсқәа мҩаԥызго Кама Торчуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит урҭ раатра шалыршахаз, лара рҵаҩык лаҳасабала аусура дшалагаз, насгьы, ахәыҷқәа аԥсшәа шрыдыркыло атәы.
Sputnik
Инегиоль акультура Ахан аартуижьҭеи акрааҵуеит, аха акурсқәа реиҿкаара аналыршахаз ааигәоуп. Аимадарақәа шыҟоугьы, урҭ рхацыркра ус имариамызт ҳәа лҳәоит Торчуаԥҳа. Курск фымз ицоит, ахәыҷқәа мчыбжьык ахь ҩымш еиԥылоит.
"Аҭаацәа иахьа уажәраанӡа рџьынџь ԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара ааргоит. Уи ахәыҷқәа рахь ииаргоит, даргьы азҿлымҳара аадырԥшуеит. Аинтернет ахархәарала урҭ ирымоуп алшара Аԥсны абара, аӡбахә аҳара. Иманшәалоуп ус еиԥш алшара ахьыҟоу. Абызшәа аҵара ахәыҷқәа ирцәыцәгьоуп, аха ргәы карыжьӡом. Иҳазҵаӡом рҳәаӡом. Дара ирҭахуп абызшәа ҵаны Аԥсныҟа ацара", – ҳәа еиҭалҳәеит Торчуаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.