Аԥсны

Аҟәа ахәҭак иацы аахыс ӡыда иаанханы иҟоуп

Асабша, лаҵарамза 20, ашьыжь Аҟәа Лакоба имҩаҿы аӡымҩангага ԥжәеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Ҩымш ирықәуп Аҟәа ахәҭак ӡыда иҟоижьҭеи Лакоба имҩаҿы аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны.
Аӡы аурышьҭуеит ҳәа ргәы иаанагоит асааҭ 19:00 рзеиԥш.
"Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаб иажәақәа рыла, лаҵара 20 ашьыжь аӡыҭгагатә маругақәа анаҿаркыз, аҭыџь ӡымҩангага ишацәцоз рбеит.
Асабша ахәылбыҽха уи аҭыԥ иқәырҵеит, аха анаҩс уи ашьшьара аиуит. Аџыр бжьадырҭәар акәхеит. Уи иахьатәи амш иалагӡаны иҟарҵарц ргәы иҭоуп.
Ӡыда иаанханы иҟоуп Колос, Ажәытә ҳабла, ВИЕМ, Аҟәа ашьхареи агәҭантәи ахәҭеи.