Аԥсны

Аҟәа аԥхасҭа зауз аӡымҩангага аҭыԥ иқәырҵеит

Аҟәа аиҳарак ӡыда иаанханы иҟан асабша, лаҵарамза 20 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа Лакоба имҩаҿы аԥхасҭа зауз аӡымҩангага еиҭашьақәыргылоуп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит "Аӡыршьҭра" аиҳабы Даур Паҷкориа.
Иара иажәақәа рыла, аӡыҭгагақәа аусура иаладыргахьеит, хара имгакәа аӡы аҩнқәа рахь инеиуеит.
Асабша, лаҵарамза 20, ашьыжь Аҟәа Лакоба имҩаҿы аӡымҩангага ԥжәеит. Уи ауха иара аҭыԥ иқәырҵеит, аха анаҩс уи ашьшьара аиуит. Аџыр бжьадырҭәар акәхеит. Уи амҽыша иалагӡаны иҟарҵоит ҳәа иазгәаҭан ирыман.
Уахыки-ҽнаки инареиҳаны ӡыда иаанханы иҟан Колос, Ажәытә ҳабла, ВИЕМ, Аҟәа ашьхареи агәҭантәи ахәҭеи.