Аԥсны

Ацәыргақәҵақәа, аҵәыџь мца, Нарҭаа рымца: Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз шыргәаладыршәаз

Sputnik
Лаҵарамза 21 1864 шықәса - Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра анеилгаз амш ауп. Уи ашьҭахь зықьҩыла аԥсуаа рыԥсадгьыл ныжьны Османтәи аимпериахь ихымҵыр ада ԥсыхәа рымамкәа иҭадыргылеит, уантәи егьырҭ адунеи атәылақәа рахьгьы иагеит. Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш адунеи зегь аҿы иҟоу аԥсуа диаспора иазгәарҭоит. Ари арыцхә аҳаҭыр азы есышықәсеиԥш, иахьагьы Аԥсны ақалақьқәа рҿы имҩаԥысит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Шәахәаԥш Sputnik авидеонҵамҭа.