Аԥсны

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рбаҟа аадыртит Аԥсны

Амемориал аартра иазкыз аусмҩаԥгатә алахәылацәа аҵлақәагьы еиҭарҳаит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Гал араион Аҩада Барӷьаԥ ақыҭа иалҵыз 102-џьа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз аибашьцәа рмемориал аадыртит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны апресс-маҵзура.
Аремонт-реставрациатә усурақәа мҩаԥган Адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы Москва адепартамент ацхырааралеи Аԥсны аҿартә еидгыла "Аҿар раамҭа" адгыларалеи.
"Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз Аҩада Барӷьаԥ ақыҭа иалҵыз аибашьцәа 102-џьа - аибашьцәа-аиааирагаҩцәа, зхы иамеигӡакәа зыԥсадгьыл зыхьчоз, зхы-зыԥсы Аиааира иақәызҵаз", - ҳәа ануп Москва аиҳабыра рминистр, Адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы Москва адепартамент аиҳабы Сергеи Чериомин ишәҟәаҿы, уи аусмҩаԥгатә аҿы даԥхьеит Москва Аҩны аиҳабы Александр Бигәаа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рбаҟа аадыртит Аԥсны
Иазгәаҭоуп Москва азҿлымҳара ду шаанарԥшуа Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аибашьцәа ргәалашәара анаунагӡатәразы.