Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәыҵниаԥҳаи Нанбеи арепатриантцәа аԥсшәа дырҵара иазкны

Sputnik
Ашколқәранӡатәи аҵарааӡаратә центр "Аӡыхьи" Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки ихацдыркит арепатриантцәа рзы хәыда-ԥсадатәи аԥсуа бызшәазы акурсқәа. Изныкымкәа уи аԥхьа иҟаз абызшәа арҵаразы аҽазышәарақәа уажәтәи злареиԥшым, аметодика аус адызулада, ҷыдарас иамоу, насгьы зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз уи иахьынӡазҿлымҳау атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Ашколқәранӡатәи аҵарааӡаратә центр напхгара азызуа Кама Кәыҵниаԥҳаи Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы асоциалтә бзазара аҟәша аиҳабы Алиас Нанбеи.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.