Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рзы аԥсуа бызшәазы хәыда-ԥсадатәи акурсқәа хацдыркит ашколқәранӡатәи аҵарааӡаратә центр "Аӡыхьи" Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки. Ари аԥшьгамҭа уаанӡатәиқәа излареиԥшым, методикас изықәныҟәо, арепатриантцәа рыбжьара азҿлымҳара ахьынӡамоу уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Ашколқәранӡатәи аҵарааӡаратә центр "Аӡыхь" анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳаи Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы асоциалтә бзазара аҟәша аиҳабы Алиас Нанбеи. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.