Урыстәыла

Ҭырқәтәыла зымчхара 4,9 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит

Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҩба ҟалеит жәабран 6 рзы. Урҭ ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит 50,5 нызқьҩык ауааԥсыра.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Ҭырқәтәыла апровицниа Адана зымчхара 4,9 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит ҳәа адырра ҟанаҵеит аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥырҟәҟәааразы аусбарҭа Twitter аҿы.
Аусбарҭа адыррала, адгьылҵысра ҟалеит аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 15:46 рзы Саимбеили араион аҿы.
Адгьылҵысра агәыцә 6,67 километра аҵаулараҿы иҟан.