Аԥсны

Аҟәа ВИЧи агепатити хәыда-ԥсада ргәаҭаразы акциа мҩаԥысит

Агәаҭарақәа мҩаԥысуан Аҟәа Ацәа-венерологиатә диспансери СПИД-центри рҿы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лаҵара 22, СПИД иахыԥсааз ауаа ргәалашәара Адунеизегьтәи амш аҽны, Аҟәа имҩаԥысит ВИЧ, агепатитқәа В, С рзы агәаҭарақәа. Абри атәы еиҭалҳәеит Ареспубликатә Ацәа-венерологиатә диспансери СПИД апрофилактикеи уи аанкылареи рзы ацентри рҳақьым хада Наҭелла Ҭоԥуриа.
"Уаанӡа ашьа азҭар зҭахыз рхыԥхьаӡара еиҳан. Уажәазы ҳара заа алаҳәара шыҟаҳҵазгьы, анализ аҭара имаҷыҩны иааит - 18-ҩык заҵәык. Урҭ рахьтә аӡәы агепатит В шилаз ааҳарԥшит, даҽа ҩыџьа – агепатит С. Урҭ ирзеиҭаҳҳәеит ари адиагноз иҵегьы ишышьақәырӷәӷәатәу. Ҳцентр ахь ишьҭны еиҳа инарҭбааз аҭҵаарақәа рзымҩаԥаагеит. Убасҟан ауп иныҭкааны ишьақәырӷәӷоәоу адиагноз анеилыркаауа", – ҳәа инаҵылшьит лара.
Ҭоԥуриа иара убас ауаа рахь ааԥхьара ҟалҵеит иҟоу алшара рхы иархәаны СПИДи агепатитқәа В-и С-и рзы рхы гәарҭаларц. Сынтәатәи ажьырныҳәамзазы Агәабзиарахьчара аминистрра ацентр ианаҭеит 1,472 миллион мааҭ рыхә алабораториатә маругақәа. Аппарат ҿыцқәа ирыбзоураны зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә маҵзурақәа ауаа ирырҭоит.