Лаҵарамза 21 1864 шықәса - Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра анеилгаз амш ауп. Ари аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәоит адунеи зегь аҿы иҟоу аԥсуа диаспора. Сынтәа Ҭырқәтәыла, Қьефқьен иаадыртит амҳаџьырцәа ирызку абаҟа. Аусмҩаԥгатә шеиҿкааз атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла, сынтәа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ирацәаны ауаа еизеит Қьефқьен, амҳаџьырра иагаз ргәалашәара аҳаҭыраз.
"Сынтәа зегьы ԥшӡаны иҟаҵан. Ҳауаажәлар аха змаз зегьы уахь еихеит. Абаҟа Қьецԥҳа Елиф илызкуп. Лара лҭоурых еиҭаҳәан. Ҳаԥхьаҟа ари аҭыԥ аҿы амузеи ҟалоит. Аҭыԥ иадҳәалоу аинформациа еизганы, ацәыргақәҵа аиҿкаара ҳагәҭакуп. Османтәи архив аҟнытә аҭоурых ԥшааны иӡыраҳгарц ҳҭахуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Ибраҳим Аҩӡба иҳәеи, Аԥснынтә ирацәаҩны ишнеиз. Ари еиҳагьы агәыбылра ҳабжьанаҵоит, дара ирбеит ҳкультура, ҳабызшәа ара еиқәырханы ишҳамоу ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Убри аан Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак аиҿцәажәараҿы иҳәеит атрагедиа иадҳәалоу ахҭысқәа зегьы аҳәара шаҭаху, ҳаԥхьаҟа ус еиԥш ҟамларцаз.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.