Аԥсны

Аԥсны Абанк Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы абанкнота ҭнажьит

Аԥсарк урыстәылатәи амааҭқәа 10 ираҟароуп, аха, азакәан инақәыршәаны, уи ахәаахәҭраҿы рхархәара ҟалом.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә банк аикәыршара иаланагалеит 25 аԥсар иҟоу абанкнота. Уи ҭыжьуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны. Абри азы адырра ҟанаҵоит абанк асаит.
Абанкнот ашәагаа 150х65 миллиметра иҟоуп, атираж - 15 000 цыра.
Абанкнота ахаҿратә ган иануп зымҵәыжәҩақәа еиҵыхны иԥыруа ахьшьи иара убас уи аганахьтәи аԥшреи, хыхь ихаргьежьны иануп быжь-еҵәак, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ аҟны ишану еиԥш.
Абанкнота ашьҭахьтәи аган аҿы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ианиҵеит аԥсуа еибашьцәа рсахьақәа. Абанкнота рыҩганк рҿы ашьҭахьтәи ақәыԥшылараҿы итрадициатәу аԥсуа џьоуҳарқәа ануп.
Абанкнотақәа ахьчагақәа рықәгылоуп, аӡтәы дыргақәагьы, урҭ рыхкьыԥхьлаақәа рыҟаҵара алзмыршо адыргақәагьы убрахь иналаҵаны.