Аԥсны

Гәдоуҭа аушьҭымҭацәа реизарҭақәа рҿы амилициа ҷаԥшьалоит

Аԥсны ашколқәа рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы гараны иҟоуп лаҵара 25 рзы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, лаҵара 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа аушьҭымҭацәа рҭаацәеи дареи ашкол ралгара ахьазгәарҭо реизарҭақәа рҿы амилициа ҷаԥшьалоит иҳәеит араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба араион ахадара есымчыбжьатәи аизараҟны.
Иара араион аҵара аҟәша аиҳабацәа рахь аҳәара ҟаиҵеит аныҳәа мҩаԥысраны иахьыҟоу аҭыԥқәа рсиа заанаҵы иаздырхиарц.

"Рхылаԥшра аҭахуп. Аинформациа ҳамазароуп ҳусзуҩцәа реихшаразы. Ашколқәа рырҵаҩцәеи аҭаацәаратә еилакқәа рлахәылацәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥгатәуп", - иҳәеит Гыцба.

Иара иҳәеит ҵыԥх ҭаацәарақәак зықәра намӡац рхәыҷқәа амашьынақәа рыԥсҟы шыддыркыз. Амҩақәа рҿы ашәарҭадара аиҿкааразы ари аҩыза аҭагылазаашьаан автотранспорт рымххоит, аҭаацәагьы ахараԥсақәа дыршәахоит.
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба ажәалагала ҟаиҵеит машәырк ҟамларц азы ақьафурҭақәа рҿы аныҳәақәа реиҿкаара алмыршазарц. Аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа иазгәеиҭеит уи шзалымшо, аҭаацәа рхала ишырыӡбо рхәыҷқәа рзы аныҳәа ахьеиҿыркааша аҭыԥқәа ралхра.