Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа адәныҟаекономикатә еикәыршара арбагақәа ирызкны

Sputnik
Аекономика аминистрра 2019 шықәса инаркны имҩаԥгаз адәныҟаекономикатә усуразы аҳасабырба ҟанаҵеит. Аусбарҭа адыррала 2022 шықәсазы адәныҟаекономикатә еикәыршара 39,9 миллиард мааҭ рҟныӡа инаӡеит, уи 14 млрд рыла еиҳауп 2019 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа.
Иааидкыланы ҳахәаԥшуазар, ҵыԥх аекспорт наӡеит 7 млрд рҟынӡа. Убасгьы аекономика аминистрра адыррала, абиуџьеттә усзуҩцәа рыбжьаратә уалафахәы еизҳаит 20 нызқь рҟынӡа, 3 млрд рыла еизҳаит аҳәынҭбиуџьет.
Иахырҳәаауазеи арҭ арбагақәа аекономистцәа, ишԥаныԥшуа аҳәынҭқарра аԥсҭазаара ари зегьы - абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Аекономикеи азини ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.