Урыстәыла

Адунеи аҿы реиҳа ибеиоу ауаҩы уахыки-ҽнаки рыла 11 миллиард доллар ицәыӡит

ЕАА афондтә биржақәа лаҟәит, аблахкыга тауарқәа ҭзыжьуаз рсектор ацәыӡқәа аиуит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Аблахкыга тауарқәа LVMH (LVMH Moet Hennessy — Louis Vuitton) ҭзыжьуаз афранцыз наплакҩы Бернар Арно уахыки-ҽнаки рыла 11,2 миллиард доллар ицәыӡит, абри атәы аанацҳауеит Bloomberg Billionaires Index (BBI).
Louis Vuitton акциақәа аҩашатәи ахәаахәҭрақәа рылҵшәақәа рыла 5% илаҟәит, Hermes акциақәа— 6,54%, Kering (Gucci) акциақәа — 2,97%. Амаҵзура Блумберг иазгәанаҭоит ари зыдҳәало ЕАА аекономика аԥсыҽра иахҟьаны асеиԥш зыхә дуу атауарқәа рҭаххара маҷхар ҳәа ашәароуп ҳәа.
Франциатәи амиллиардер асеиԥш шыҟалазгьы адунеи аҿы реиҳа ибеиоу рсиаҿы аԥхьа дгылоуп, имазара 192 миллиард доллар инаӡоит.