Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу: Урыстәыла украинатәи адиверсиақәа рҭак ҟарҵалоит ишахәҭоу еиԥш

Украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ Белгородтәи аобласт аҵакырахь иалалеит лаҵара 22 азы. Адырҩаҽны Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит адиверсантцәа амацәаз иҭакны индырҵәеит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Украина Белгородтәи аобласт аҿы имҩаԥнагаз адиверсиақәа реиԥш зеиԥшу егьырҭ ажәыларақәа рҭак ҟарҵалоит ишахәҭоу еиԥш, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.
"70-ҩык инареиҳаны украинатәи атеррористцәеи, аибашьыгатә техникеи амашьынақәеи ҭархоуп. Украинатәи адиверсиақәа реиԥш зеиԥшу егьырҭ адиверсиақәа рҭак ҟарҵалоит ишахәҭоу аиԥш – амч ахархәарала", - иҳәеит иара аусбарҭа аколлегиаҿы.
Аусбарҭа ахада иҳәеит авиациа, артиллериа, аҳәаахьчаҩцәа аамҭак ала ишалдыршаз адиверсантцәа амацәаз иҭакны рнырҵәара, иаанхазгьы Украина аҵакырахь иԥхьацаны ишҭадырхаз.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Белгородтәи аобласт аҟны 70-ҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәа ҭархоуп