Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа "адиверсантцәа" ржәылара аԥдырҟәҟәааит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа "адиверсантцәа" архәҭа аҵакыра ажәылара аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Асценариа инақәыршәаны адиверсантцәа абазахь инеины, аматериал-техникатә маҭәахәқәа рышьҭаҵарҭақәа амина рыҵаҵаны иԥыржәар акәын. Атеррорҿагылара аҟәша аруаа иаалырҟьаны иргылан.

Аррамаҵзурауаа оперативла аҭыԥ ахь инеины "аӷа" дааныркылеит ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы, ижәыларагьы аԥдырҟәҟәааит.
Ауснагӡатә иалахәын акәылӡтранспартиор БТР-82А, акәылӡмашьынақәа КамАЗ-5350 "Мустанг".