Арадио

Ажьиԥҳа: Гагра зҵара бзиан ихзыркәшаз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаҳа ирацәазар акәын

Аԥсны ашколқәа рҟны иахьа игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит араионтә школқәа ирылго аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроуи аԥышәарақәа рышҽазыҟарҵои ртәы.
Sputnik
Сынтәа Гагра араион аҿы рҵара хдыркәшоит 273-ҩык аушьҭымҭацәа, урҭ рахьынтә хҩык ахьтәы медалла иалгоит, ҳәа адырра ҟалҵеит Ажьиԥҳа. 15-ҩык ибзиаӡан рҵара хдыркәшоит, ҳаԥхьаҟа аԥышәарақәа шьҭоуп, аха урҭгьы ибзианы иарҭап ҳәа ҳгәы иаанагоит, азгәалҭеит лара.
Аушьҭымҭацәа рахьынтә иҟоуп иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалахьо. ААУ аҿы имҩаԥысуаз аолимпиада иалҵшәаны гәыԥҩык ахьыԥхьаӡалоуп, уи анаҩсгьы, Россотрудничество имҩаԥнагоз аԥышәарақәа ирхысызгьы ыҟоуп.
Ажәбатәи акласс иалгоит 413-ҩык. Урҭ реиҳараҩык 10-тәи акласс ахь ииасуеит, ашкол аанзыжьуа маҷҩуп, лҳәеит Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.