Урыстәыла

Гьеленџьик атерракт аԥырҟәҟәаауп

42-шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп УА АЗ 205-тәи ахәҭаҷ 1ахәҭа; 30-тәи ахәҭаҷ 1-тәи ахәҭа инарықәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Гьеленџьик атерракт аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа ирлҵшәаны даанкылоуп 1981 шықәсазы ииз Урыстәыла атәылауаҩ, Гьеленџьик инхо украинатәи анеонацизм адгылаҩу. Гәҭакыс иман арегион азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны атерракт амҩаԥгара", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иаанкылоу абнараҿы идирбеит аԥхьакырҭа, напылаҟаҵаратә ртҟәацга ҵәахны иахьимаз. Уи адагьы, дахьынхоз ирԥшааит абомба аҟаҵаразы ахәҭаҷқәа, украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа напхгара зырҭо аинтернет-хеидкыла аҟынтәи абжьгарақәа. Атеррорист даанкылоуп. Ашьаус хацыркуп.